Sputnik Аԥсны

Description
Ажәабжьқәа – аԥсышәала!

Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Advertising
We recommend to visit

Вай хIокху канал чохь,шуна дуккха а пайдехьа хIум карор ду.Дехар до массарга а, хIара канал дIас даржош дакъа лацар

Last updated 2 недели, 1 день назад

Админ: @allpsd_design @Kechakz

Last updated 11 месяцев назад

FCNH Telegram channel

Last updated 3 недели, 2 дня назад

1 day, 1 hour ago

110 нызқьҩык рҟынӡа Гагра араион аҿы рыԥсы ршьахьеит аԥхынра иалагазар.

Араион аҿы заанаҵтәи арбагақәа дрылацәажәеит Гагра араион атуризм азы аусбарҭа аиҳабы Ахра Бганба.

Бганба иажәақәа рыла, араион аҿы аԥсшьарҭатә хыбрақәа иааиуа нанҳәамзазы 90% еиҳаны иҭәраны иҟоуп. Атуристцәа Гаграҟа иаауеит бжьаратәла 7-10 мшы ҳәа.

🖇 2021 шықәсазы Гагра рыԥсы ршьеит 253 000-ҩык, аиараҭыԥқәа — 15 670 ыҟан, 2022 шықәсазы — 273 000-ҩык, аиараҭыԥқәа— 20 560, 2023 шықәсазы— 300 000 турист ыҟан, аиараҭыԥқәа — 22 500.

1 day, 2 hours ago

Аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа Аԥсны икоммерциатәу еиҭамҵуа амазара аархәар ҟалоит, абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа "Россия 24" аинтервиу анеиҭоз.

Аԥкрақәа зқәу анхарҭатә мазара аахәароуп иҳәеит иара.

"Дарбанызаалак аҳәаанырцәтәылауаҩ априватизациа иаҵанакуа ахыбрақәа — адәқьан, азауад, афабрика ааихәар ҟалоит. Аԥкрақәа зқәу анхарҭатә мазара аахәароуп — аҩнқәеи ауадақәеи", — иҳәеит Бжьаниа.

1 day, 2 hours ago

Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра — аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа атәыла аԥсҭазаара ралахәразы — ҳтәыла аекономика аҿиара иазырхоуп, абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа "Россия 24" аинтервиу анеиҭоз.

Бжьаниа иазгәеиҭеит ари аиқәшаҳаҭра Аԥсны атәылауаа рзы аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа аԥҵараҿы ишцхыраагӡоу, атәылаҿ ихадоу апроблема — аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара шаӡбуа.

6 days, 23 hours ago

*🐎 Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа аиааира ргеит Краснодар имҩаԥысуаз аҽырыҩраҿы*.

Ахра Ашәба иҽы Марискаль актәи аҭыԥ агеит 1600 метра иҟаз Аҳамҭа ду азы ҩышықәса зхыҵуа араԥ ҽыҩқәа реиԥхныҩлараҿы.

Ахра Ашәба иҽы Џьалил Гранд ахԥатәи аҭыԥ агеит 2400 метра иҟаз Краснодартәи аҳамҭа ду Дерби азы хышықәса зхыҵуа аҽыҩқәа реиԥхныҩлараҿы.

Даур Агәхаа иҽы Абхазиан Сонг аҩбатәи аҭыԥ агеит 2000 метра иҟаз ԥшьышықәсеи инеиҳани зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽқәа реиԥхныҩлараҿы.

Ахра Ашәба иҽқәа даҽа руак, Старк захьӡу, аҩбатәи аҭыԥ агеит Краснодартәи атәылаҿацә Ақыҭанхамҩа аминистрреи аусеиҭадуларатә ааглыхреи рминистрра аҳамҭазы 2400 метра иҟаз аиԥхныҩлараҿы.

1 week ago

* Амшцәгьа ҟалоит Шәача ашьхареи ашьха иахьаԥнуи.*

Иааиуа 1-3 сааҭ ирылагӡаны, иара убас уаханӡа ақәаршыҩ, ҭыԥқәак рҿы акырцх ҟалоит ҳәа адырра ҟанаҵоит Шәача ақалақь ателеграм-канал.

Амаҵзурақәа зегьы режим ӷәӷәала аусура иаҿуп.

Шәача анхацәеи асасцәеи ирабжьыргоит аӡы ааигәара рыԥсы рымшьаларц, рмашьынақәа аҵлақәа, аӡыргаратә ҭыӡқәа, егьырҭ аргыларақәа рымҵан инырмыжьларц.

Аԥсны иахьа ҭыԥқәак рҿы ақәа леир, идыды-мацәысыр ҟалоит. Иара убас уаҵәы шьыбжьонгьы ақәеи адыд-мацәыси ҟалар ауеит.

1 week ago

Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аԥсны Опен-2024" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа.

Уи цалоит бжьы-мшы — нанҳәамза 2 инаркны 8 рҟынӡа.

Атурнир иалахәхоит Аԥсны, Урыстәыла, Беларус рҟынтәи ашахматасцәа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашахмат азы афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Зыхәба.

1 week, 6 days ago

*🏇🏻 Аԥснытәи аҽқәа Краснодар аҽырыҩраан аиааирақәа ргеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.*

Беслан Абҳазаа иҽыҩ Винташ актәи аҭыԥ агеит 1400 метра иҟаз аиԥхныҩлараан ҩышықәса зхыҵуа англыз ҽыҩқәа рыбжьара.

Асҭамыр Кәыҵниа иҽыҩ Аԥсны Стихиа актәи аҭыԥ агеит 1400 метра иҟаз аиԥхныҩлараан И.А. Фомин иаԥхьахә азы ҩышықәса зхыҵуа англыз ҽанқәа рыбжьара.

1 week, 6 days ago

Кәтол ашьапылампылтә дәы еиҭашьақәдыргылоит.

Уа аҽазыҟанаҵалоит ашьапылампылтә клуб "Бзана", уи ахатәы арена уажәраанӡа иамаӡам.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақыҭа ахада инапы ианиҵеит апроект-харџьынҵатә документқәа еиқәдыршәарц, анаҩс 2025 шықәсазтәи абиуџьет аусурақәа рыхә аларҵарц азы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

1 week, 6 days ago
***"Очамчыра иамоу аекономикатә потенциал ду аартра …

"Очамчыра иамоу аекономикатә потенциал ду аартра — ҳара ҳадҵа хадақәа ируакуп", — ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалара.

Атекст асценаҟынтә даԥхьеит ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.

Ахада иазгәеиҭеит очамчыраа зҭоурых 25 шәышықәса ахыҵуа рықалақь иазгәыдуны иҟазарц азин шрымоу. Иара аҵеицәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт иафырхацәа иашан иҳәеит иара.

Иахьа ақалақь ҿиоит — агәабзиарачаԥарҭақәа еиҭадырҿыцуеит, анаплак ҿыцқәа, атуробиектқәа дыргылоит ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа. Иара Очамчыра ақалақь иазеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара, уи иқәынхо ауааԥсыра — агәабзиара, аманшәалара, рџьабаа бзабааны, рықалақь гәакьеи Аԥсынтәылеи рԥеиԥш азы ихәарҭаны иҟалааит ҳәа.

Афото © Аԥсны ахада ипресс-маҵзура

2 weeks, 6 days ago
**Аҟәа знык иадамхаргьы иааиз иҩнеиҧш ихы …

Аҟәа знык иадамхаргьы иааиз иҩнеиҧш ихы ибоит, абас иҟан, иҟоуп иахьагьы ҳара ҳаҳҭнықалақь иҳәеит Беслан Ешба Аҟәа Амш иазкыз аныҳәаан.

"Ҳара гәадурала иаҳҳәоит ҳақалақь аҭоурых ду шамоу, аҭоурых-культуратә ҭынхала ишбеиоу, уи зегьы иҳамоу адоуҳа, аҧшӡара, ақьиара зегь аанарҧшуеит, милаҭрацәала ҳшеилоу, ҽаӡәы ихаҭареи идини пату шақәаҳҵо", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

📎 Аҟәа ақалақь Амш есышықәса ҧхынгәымза раҧхьатәи асабша иазгәарҭоит. Сынтәа уи ҧхынгәы 6 иақәшәеит.

We recommend to visit

Вай хIокху канал чохь,шуна дуккха а пайдехьа хIум карор ду.Дехар до массарга а, хIара канал дIас даржош дакъа лацар

Last updated 2 недели, 1 день назад

Админ: @allpsd_design @Kechakz

Last updated 11 месяцев назад

FCNH Telegram channel

Last updated 3 недели, 2 дня назад