Why Pay for Entertainment? Access Thousands of Free Downloads Now!

Ахьыуардын

Description
Ахьыуардын - Sputnik Аԥсны апроект ҷыда, абраҟа аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи, аҟазареи ирызку анҵамҭақәа ҳкьыԥхьлоит. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла, аӡәы дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит. Ахьы хәыҷуп аха шәкы ицоит.
We recommend to visit

📩 Елон бериш учун |•➥  @FargonaIshBor_Uz

𝗔𝗨𝗗𝗜𝗧𝗢𝗥𝗜𝗬𝗔🌐

𝗙𝗔𝗥𝗚’𝗢𝗡𝗔, 𝗤𝗜𝗥𝗚𝗨𝗟𝗜, 𝗠𝗔𝗥𝗚𝗜𝗟𝗢𝗡, 𝗥𝗜𝗦𝗛𝗧𝗢𝗡,𝗢𝗟𝗧𝗜𝗔𝗥𝗜𝗤 𝗤𝗨𝗩𝗔,𝗧𝗢𝗦𝗛𝗟𝗢𝗤,𝗕𝗢𝗚𝗗𝗢𝗗

𝗛𝗔𝗠𝗗𝗔 𝗙𝗔𝗥𝗚𝗢𝗡𝗔 𝗧𝗨𝗠𝗔𝗡𝗟𝗔𝗥𝗜𝗗𝗔𝗡 𝗜𝗕𝗢𝗥𝗔T🇺🇿

Last updated 3 months, 3 weeks ago

$WEB3 utility-токен экосистемы TON DNS Club @tondnsclub на блокчейне TON внутри Telegram

💬 Чат: @web3jetton
Сайт: web3ton.io

Рекламные предложения: @ego_identity

Last updated 1 week, 1 day ago

ЎЗБЕГОЙИМ ОРИГИНАЛ канали №1
Аввал БИЗДА кейин бошқаларда

Реклама учун
Ўзбегойим 👉 @D2989

Last updated 7 hours ago

2 weeks, 4 days ago
Аҳҷыԥсаа рҭоурых дгьыл — Гәбаа-дәы аҵеџь …

Аҳҷыԥсаа рҭоурых дгьыл — Гәбаа-дәы аҵеџь еиԥш ижны иҟаҵоу ажәытәӡатәи адамра рыԥшааит уажә ааигәа, амҩа ҿыцк алгара ишаҿыз (акурорт есааира аҽарҭбаауеит). Аҩнуҵҟа аԥсыбаҩқәа ҭан, ахыбаҩқәагьы налаҵаны. Шәазхәыц изакә материалу кьыс амаӡамкәа иеиқәхаз!

Иҟоу адыррақәа рыла, адамра ԥыргамкәа аҵарауаа адрыԥхьалеит. Даара аинтерес аҵоуп хәба-фба нызқь шықәса зхыҵуа абаҩқәа р-ДНК анализ аныҟарҵалак иаҳәаша.

Иахьырԥшааз аҭыԥҵәҟьа дырзом, аха Гәбаа-дәы иахагылоу Аҽы́шьха ашьапаҿы акәхароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит (урысшәала ахьӡ Ачишхо ҳәа иныжьуп). Араҟа адамрақәа жәабаҟа рыԥшаахьеит, иҵегь адгьыл иҵазаргьы ҟалоит, аԥсшьацәа рацәаҩны иаҭаауеит. Аԥсабара уамакала иԥшӡоуп. Насгьы, изларҳәо ала, ари ашьхаҿы еснагь ақәа леиуеит. Издыруада илаӷырӡышозар...

Ахыҵхырҭа>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

2 weeks, 4 days ago
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ **Ҳаири …

Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ Ҳаири Қәҭарба имшироуп иахьа, 65 шықәса ихыҵит.

Ҳаири Қәҭарба — амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра, диит Есмаҳаным ақыҭан (Дузџьа иаҵанакуеит), уажәшьҭа 15 шықәса инареиҳауп Аԥсны дынхоижьҭеи. Аԥсуа доуҳа иаалаӡоу, дшыхәыҷыз ихатә ҩымҭақәеи алакәқәеи аԥиҵон аӡыхь еиԥш дызҿыхәоз, адуцәа еибырҳәоз ажәабжьқәа шьаҭас иҟаҵаны. Аҟыбаҩ иланы изҳауан, даара деилҟьан, ашкол дҭалаанӡа аҩышьеи аԥхьашьеи иҵеит. Даныҩеидас акьыԥхь аҿы дцәырҵуа далагеит Кавказ иазку аҭоурыхтә статиақәа равторк иаҳасабала.

Ҳаири дызтәу абиԥарагьы, реиҳабацәа реиԥш, еснагь гәыҵхаз ирымаз аԥсадгьыл акәын. 1990 шықәсазы иҩызцәеи иареи еиҿыркааит ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ", уаҟа иҭыҵуан хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа-адыга жәларқәа рыӡбахә зҳәо ашәҟәқәа, адиаспора авторцәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа. Редакторс даман "Алашара" ҳәа иҭыҵуаз ажурнал. Аҭырқәшәахь еиҭеигеит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа Иури Аргәыни Гьаргь Амҷбеи русумҭақәа.

Ҳаири Қәҭарба аҭырқәшәала ирцәажәеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах"! Тираж дула Сҭампыл хаз шәҟәны иҭижьит (1990). Игәыҭшьаагоу, уаҩ дызмырҭынчуа арҭ ахҭысқәа ирызкуп инеиҵыху иара иҭоурыхтә романгьы "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит", аԥсышәала иҭыҵит 2011 шықәсазы (еиҭ. Октаи Ҷкотуа).

Ҳаири Қәҭарба амшын еиҟәнашаз аԥсуаа наҟ-ааҟ цҳас ирыбжьоу агәбылыҩцәа дыруаӡәкуп, аамҭала "Абаза-ТВ" аҟны имҩаԥигон адиспореи арепатриантцәеи рыԥсҭазаашьа иазкыз адырраҭара "Аԥсадгьыл агәеисыбжь".

Иахьатәи Аԥсны акультура-уаажәларратә ԥсҭазаара аӡәы ҳәа далагылоуп, харантә ицәаара унықәԥшыргьы иаразнак угәы иунаҭоит — Даԥсыуоуп! Итәыла даԥоуп, ибжьы ҿацаӡа игоит. Аҩны иргылеит, аҵла еиҭеиҳаит, дынхоит, адгьыл дазааигәоуп. Агәабзиареи аԥсынҵра дуи изеиӷьаҳшьоит, илакҭа ччалааит, Анцәа дирманшәалалааит зегь рыла! Ҳгәы иладууп.

Есмаҳаным* ақыҭа ахьӡ аиуит Аԥснынтә зыуаажәлар ирыцхҵәаны ицаз Есма Ӡаԥшьԥҳа лыла

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

3 weeks ago
3 weeks, 4 days ago
***👑*** "Агәыргьын" даҽакала ишԥаҳҳәо?

👑 "Агәыргьын" даҽакала ишԥаҳҳәо?

"Агәыргьы́н" (корона // венец) аԥсшәаҿы ихадароу аҵакы — ақьырсиан динхаҵарала зынасыԥ еилазҵо ирхаркуа, агәыргьынхаҵара́венчание; коронация, мрагыларатәи ҳгәылацәагьы ирҿоу ажәоуп. Аҳцәа ирхарҵоз, хьы-раӡныла ичаԥоу амаҭәар аԥсышәа цқьала иҵегь аҳәашьақәа амоуп, ашьагәыҭ лексика иалоуп ианеиҵоу х-ажәак ари аилкаара аазырԥшуа:

• Ахьынҷха́,
• Ахьхаҵа́ // ахьхаҿа́
• Ахыркы́ра

Иеилоу шьаҭақәоуп рызегь, ирзеиԥшны иаҳбоит "ахы" (голова), "ахьы" (золото). Иаҳԥылоит ажәарқәа рҿы, асахьаркыратә литератураҿы. Ҳажәаҳәаҿгьы ахархәара раҳҭалар бзиоуп.

Асахьаҿы: Аԥсҳа Лауан II дызну аԥсар ҿыц, *иҭызхыз Руслан Габлиа***

#асинонимқәа

*👑 Аурыс поет, археолог Виктор Стражев иҩуан, 1917 шықәсазы Аҟәа мшыцәгьашьҭахь аҟәараҿы ирбеит ҳәа аҳак ихьхаҵа еибганы. Усҟан уи еиԥш хәы змоу аԥшаахқәа лассы-лассы ауаа ирԥыхьашәон, амшын ӷәӷәала еисны ианеиқәтәалак агаҿа иқәлон, аԥслымӡ илхо, напыла иҭжаауа.*

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

3 weeks, 6 days ago
Аԥсуаа аҩы адагьы аҳаԥшьа иҭарҭәоз даҽа …

Аԥсуаа аҩы адагьы аҳаԥшьа иҭарҭәоз даҽа рыжәтә џьбарак ыҟоуп – ацәаӡы (хмельной напиток из меда, букв.: "восковая вода"). Ацха ԥшны ианалгалак, ацәа иаанхаз ақәаб иҭаҵаны, аӡы ахаҭәаны идыршуан, идырӡҭуан. Ианыхьшәашәалак ацәа ахыхны, ацхаӡы аҳаԥшьа иҭарҭәон. Уа иахьҭоу аҩеиԥш еилашны еиқәтәон, аҩаҟарагьы иџьбарахон. Ашьхымзагәара ҭбаа змаз ацәаӡы маҷымкәа иҭарҭәон, 600 литра рҟынӡа.

Ахәыӡи ацхеи ирылхны иҟарҵон иара убас абаӷсма́ ҳәа изышьҭоу арыжәтәгьы. Ашьха қыҭақәа рҿы аакьыскьанӡа ирыман, ашәуаа иахьанӡагьы иааргеит. Иҳаҩсыз ҭагалан Лыхнашҭа аҽаҩра ныҳәаҿы "бахсыма" ҳәа згьама ҳдырбоз иароуп. Урысшәала — буза́ (древний хмельной напиток из просяной муки и меда).

Аԥсуаа рҿы ашьхааӡара аҭоурых азқьышықәсақәа иргәылсны иаауеит, ажәытә ҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп уи азы. Антикатәи автор Ксенофонт инижьыз адырраҭара ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсахь иаҵанакуеит, усҟан Колхида зехьынџьара алаҵәара аиухьан ашьхааӡара, ацхаԥшра, ацәа алахәаахәҭра. Страбон ихаангьы ҳашьхааӡара далацәажәон (I ашәышықәсазы ҳара ҳераан).

Ацәа цқьа рхы иахьадырхәоз маҷхәызма: ачысмаҭәа шьшьар еидҷаблагас, арахәыци ашахеи рырӷәӷәагас, амшынныҟәацәа рышхәақәеи рнышьқәеи ирхьыршьуан, рҽалархәышәтәуан, ацәашьы алырхуан.

Аԥсны 80 рҟынӡа ацха бзиа злыҵуа аҵлақәеи аҵиаақәеи ирызҳауеит. Ашьха рынцәахәыс ишьоу Анана-Гәында лтәарҭақәа ҳәа иалкааны иҟоуп, Анантәара ҳәа ирышьҭоуп, Дал-Ҵабал, Гәымсҭа, Ԥсҳәы, Бзыԥ аԥсҭа, Тҟәарчал, Арасаӡыхь, Аҷандара уҳәа акырџьара. Аҟәа араион "Цхала-Шәбаара" ҳәа аҭыԥхьӡ уԥылоит, цхала иҭәыз ашәҵлақәа рыла ихҟьан, ацха амҵәомызт.

Убас, Ахаҭа ҳәа иахьашьҭоу ахрагьы ацха ҭан рҳәоит, анеирҭа ахақәа рыла ичаԥаны иҩаган. Мрамба ахраҿы ацаҟьа ашьшьара аџьтә лыкә алаҵаны, ашьха ахьҭоу аҟынӡа мҿыла ичаԥаны, ӡарҵәила иԥахны, ахаларҭа аҭаны иҟан. Ацаҟьа агәаҩара иазымкуаз асаранџь адәахьала иамиаауан. Аҭхаџь-абарақьаҭра! 🍯

Ахыҵхырҭақәа: Иван Аџьынџьал "Из этнографии Абхазии", 1969; А. Агәмаа "Ашьхааӡара атрадициеи, аритуали, амифи", ажәахә 2021.

Асахьаҿы: аҵлагәаҩа-шьхымзақәа (улей-дуплянка)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

3 weeks, 6 days ago

Аԥсынтәыла икаҷҷоит амра каԥхара,
Игәырӷьоит иахьа, ишәҭуеит аԥсабара,
Алада ихәмаруеит ага ацәқәырԥара,
Аҩада иӷьазӷьазуеит ашьха ҩаскьара.

Баграт Шьынқәба

🍀🐝 Мшаԥымза — быӷьпытын ашьхааӡара иазку ажәаԥҟақәа рыла ҳҭалап:

• Ашьха ацха ԥсата аагара злымшо аӡы аадыргоит.

• Ашьха аашьақәа рҩызцәа иршьуеит.

• Ашьхақәа ранацәа рацәахар, еиҿымҵыр — еинаалом.

• Ашьхыц знык ицҳар иԥсуеит.

• Алашә уахынла (мзала) дышьхашәон.

🔸 Ишьхымзагәара аҽыуаҩ дзакәшом — дыбзанхаҩуп, дбеиоуп, букв.: "его пасеку на коне не объедешь";
🔸Цха-хәшала дааӡоуп — он воспитан в полном достатке. *📖* Иахьазы апассивтә лексикахь аиасра иаҿу ажәақәа:

А́цхаԥсата — падь (сладкая клейкая жидкость на листьях растений) Ашьха́шәара // ашьхы́шәара — охота на диких пчел;
Аԥсуа шьха — абхазянка;
А́шьхаӡаагаҩ — пчела-водонос;
А́шьхарыцқьаҩ — пчела-чистильщица;
Ашьха́р — рабочие пчелы (армия пчел);
Ашьхаран, ашьхараҳ, ашьхары́жә — пчелиная матка;
А́шьхарчаҩ — пчела-кормилица;
Ашьхаҩры́ — трутень;
А́шьхыҵә — рой пчел;
А́шьхасса, а́шьхаусуҩ — виды рабочих пчел;
Ашьхарымҩа** — название созвездия "Дорога пчел".

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

2 months, 3 weeks ago
Адгьыл зегь агәалашәоит ***🌍***

Адгьыл зегь агәалашәоит 🌍

Ажәлақәа ирхылҿиааз, гәыҩбара зцым (ҳгәанала) аҭыԥхьыӡқәа:

Мгәыӡаа – Мгәыӡырхәа
Ҟәланаа – Ҟәланырхәа
Аҭеиаа – Адеигәа́ра (Аҭеиаа ргәара)
Блабаа – Блабырхәа
Бармышьаа – Бармышь
Баӷаа – Баӷрыԥсҭа
Лыӡаа (Лоуаа) – Лӡаа; Мӡаа
Лоуаа – Лоо
Шәачаа – Шәача
Арыдаа – Арыдлар (Адлер)
Гәбаа – Гәбаадәы
КәыдааКәыдаԥсҭа
Гьачаа – Гьачрыԥшь
Цандаа/Цанбақәа – Цандрыԥшь
Чрыгаа – Чрыгрыԥшь (→ Чыгрыԥшь)
Жәандаа/ Ажәанбақәа – Жәандрыԥшь
Мқьалаа – Мқьалрыԥшь

*📜* Ажәлар рҳәамҭақәа рҿы иаҳԥыло ажәлақәа:

Самахьхәаа – Самеговы, аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа ирылоуп
Аиныраа
Аӷәырлаа
Гьагәаа (ижьицәан)
Ларсаа // Ларсанаа
Кьамачаа
Ҟлычаа (ашәуаа рҿы иҟоуп)
Ҳәмараа (Ҭырқәтәыла иҟоуп)
Џыраа** (Аӡынаа рабиԥароуп, ашәуаа рҿы – Жировы)

Ахыҵхырҭа:* Шьалуа Инал-Иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Валери Кәарҷиа русумҭақәа Асахьаҿы Цәымҟәысба ашьха (гора Чумкузба) ©️*** Ҭенгиз Ҭарба

🔎 Дал-Ҵабал иҟоу Цәымҟәысба ашьха ахьӡ -ба ала инҵәоит, аиԥш зеиԥшу аԥсуа жәлагьы ыҟан, аха изхыз уажәшьҭа Аԥсны инхаӡом.🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

2 months, 3 weeks ago
**Маҳадыр ақыҭеи аӡиаси рыхьӡ ахьынтәаауа** **азы** …

Маҳадыр ақыҭеи аӡиаси рыхьӡ ахьынтәаауа азы (асаӡ ҿаԥыц ҳәамҭақәа рыла)

Цандрыԥшь ҭоурыхла асаӡ аҳцәа Ацанбақәа ахын (Цандаа рыԥшь). Дара рхатә ныха рыман, Ацан-ныха. Аԥсны абыжьныхак иаарываҟәыло амч аман иара. Амаӡа бызшәала асаӡқәа аныхазы "ахына" рҳәон, аныхаԥааҩ изы – "аԥҭиӡаҳ". Аамҭала Ацан-ныхаҿы ныҳәаҩцәас иҟан ҩыџьа аишьцәа Маҳадыри Лашәи Ацанбақәа.

Маҳадыр илымҳа иаҳауамызт, аха ддырҩын. Еицәажәоз ауаа ирҳәоз рқьышә аҵысышьала еиликаауан, ацхыраара риҭон. Лашәы ила иабомызт, аха инапқәа рыла изакәызаалак ҵиаак, ма бӷьыцк иаԥхьа иқәырҵаргьы, изакәу еилиргон, ихәшәызаргьы, дымҩашьакәа иҳәон, уимоу ауаа еиҩидраауан. Маҳадыри Лашәи рыхьӡқәа ааигәа-сигәа ииуаз асабицәа ирыхьӡыртәуан, адоуҳа мчы рыцуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Ацан-ныха иамҵаныҳәоз аныхаԥааҩцәа џьара вбак рыдубаломызт, ажәлар идырныҳәоз рылаԥш ихын, агра змаз, "шәахсҭак" зныз амԥангьы даарышьҭуамызт. Убас дыцқьазар акәын ацуныҳәаҿы агәи агәаҵәеи ирыхныҳәозгьы. Асаӡқәа аныҳәара знапы ианырҵоз есқьынагьы аныҳәаԥхьаӡқәа зҿаҟны иааиуаз иакәын.

Еиҭалҳәеит апоетесса Белла Барцыц, ианылҵеит ажурналист Саида Жьиԥҳа. Еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🏞 Маҳады́р топонимс мацара акәымкәа, хатәы хьӡык аҳасабала уахәаԥшуазар, игәоумҭарц залшом ахаҵа хьӡы "Баҳады́р" ишазааигәоу, ақьышәтә цыбжьыҟақәа б/м артикулиациала еиԥшуп, рҽеиҭнырыԥсахлар рылшон, ("баҳадыр" ҭырқәшәала иаанагоит "храбрый, доблестный"). Ишакәхалак, ари аҭыԥхьӡ аҵакы аилкаареи аҭоурых аҭҵаареи даара аинтерес ацуп. 🔎

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

2 months, 4 weeks ago

"Зыԥсадгьыл иахырбааз рыԥсадгьыл иахәырбӷьыцхеит"

Абас хыс иаман абызшәадырҩы, Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Бганба Гьаргь Чачбеи, Дырмит Гәлиеи, Омар Беигәааи рлахьынҵақәа еидхәыцланы ирзикхьаз истатиак (аамҭала аибашьра ашьҭахь иҭыҵуаз агазеҭ "Абазамҩа" ианылеит). Абри ажәа зеиӷьыҟам ала инаалоит иаҳцәыблыз асахьаҭыхҩы ҟаза Александр Чачбагьы, ҳәарада. Уажәы аҷараҳәа иааҳгәалашәеит адунеи иалаԥсоу иусумҭақәа 13 Аԥсназы иаахәоуп ҳәа ажәабжь гәырԥсаҳәага ҳанаԥхьа.

"Ахәырбӷьыц" ԥшааны иақәызҵаз иреиуоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь, уи аус ицызуа, хьӡи-ԥшеи змоу ҳаҷкәынцәа Кан Ҭаниеи Ҭенгиз Ҭарбеи. Абзиара рзыҟалааит! Ирҿыԥшша рацәаҩхааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Telegram

Sputnik Абхазия

Председатель Высшего совета Всемирного абхазо-абазинского конгресса Мусса Экзеков приобрел на аукционе 10 работ Александра Шервашидзе-Чачба. Эскизы костюмов для опер "Миранда" Николая Казанли и "Тристан и Изольда" Вагнера пополнят фонд Национальной картинной…

3 months ago

Сынтәа апрозазы Фазиль Искандер ипремиа аԥсуаа иаҳзыргаз ашәҟәыҩҩы Ибрагим Ҷкадуа иажәабжь "Аԥа ирхынҳәра" аԥсышәала ирцәажәоуп! Аурысшәахьтә ҟазарыла еиҭалгеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. Ажәабжь лассы иҭыҵуа ажурнал "Алашара" 1-тәи аномер ианылоит, аха…

We recommend to visit

📩 Елон бериш учун |•➥  @FargonaIshBor_Uz

𝗔𝗨𝗗𝗜𝗧𝗢𝗥𝗜𝗬𝗔🌐

𝗙𝗔𝗥𝗚’𝗢𝗡𝗔, 𝗤𝗜𝗥𝗚𝗨𝗟𝗜, 𝗠𝗔𝗥𝗚𝗜𝗟𝗢𝗡, 𝗥𝗜𝗦𝗛𝗧𝗢𝗡,𝗢𝗟𝗧𝗜𝗔𝗥𝗜𝗤 𝗤𝗨𝗩𝗔,𝗧𝗢𝗦𝗛𝗟𝗢𝗤,𝗕𝗢𝗚𝗗𝗢𝗗

𝗛𝗔𝗠𝗗𝗔 𝗙𝗔𝗥𝗚𝗢𝗡𝗔 𝗧𝗨𝗠𝗔𝗡𝗟𝗔𝗥𝗜𝗗𝗔𝗡 𝗜𝗕𝗢𝗥𝗔T🇺🇿

Last updated 3 months, 3 weeks ago

$WEB3 utility-токен экосистемы TON DNS Club @tondnsclub на блокчейне TON внутри Telegram

💬 Чат: @web3jetton
Сайт: web3ton.io

Рекламные предложения: @ego_identity

Last updated 1 week, 1 day ago

ЎЗБЕГОЙИМ ОРИГИНАЛ канали №1
Аввал БИЗДА кейин бошқаларда

Реклама учун
Ўзбегойим 👉 @D2989

Last updated 7 hours ago