$WEB3 — utility-токен экосистемы TON DNS Club на блокчейне TON
? Сайт: web3ton.io
? Сообщество: @web3jetton
? Маркетинг: @ego_identity
Last updated 1 month, 2 weeks ago
Профиль учун чиройли обойлар,видеолар,статуслар,чиройли расмлар,жума ва байрам табриклари
Админ @ZamzamaS
Last updated 1 month, 3 weeks ago
ЎЗБЕГОЙИМ ОРИГИНАЛ канали №1
Аввал БИЗДА кейин бошқаларда
Реклама учун
Ўзбегойим ? @D_Uzbegoyim
Last updated 1 month, 4 weeks ago
Ари амшгьы аҭоурых ианылоит. Ҳхы ҳақәиҭны, ҳабжьы ҳақәиҭны Аԥсны ахада ҿыц даналҳхуа мшны. Адунеи алымҳа кыдуп, зқьыбла ҳхьыԥшуп уажә зехьынџьарантә — абарҭ иалырхуада ҳәа?
Иалаҳхлакгьы ҳа даҳтәуп! Ҳаԥсадгьыл ахьыҟоу ҳа ҳҿоуп, дасу ҳгәаҿы, ҳнапаҿы. Ҭакԥхықәрала ҳуалԥшьа ҳазнеип. Ҳабжьы иаҳҭап даԥсоуп ҳәа ҳзызхәыцуа.
Аиааира згалак хиамҩа иоуааит ижәлар рымаҵ аураҿы! Зԥыза дыӷәӷәоу ажәларгьы ӷәӷәоуп. Ҳилагәырӷьо иҟалааит, ԥхьаҟатәи абиԥарақәагь ҳџьаршьо, иаҳџьыршьо! Бзиа зуа бзиа иԥылоит. Мышьҭабзиала!
Иахьыҟоу хароуп, харацәоуп
Сашьцәа, наҟ сыдлаԥса инхаз...
Ари ажәеинраала амҳаџьырқәа рхылҵ ирызкны Рушьбеи Смыр иҩит даныҷкәыназ, 30 шықәса дырҭысаанӡа, заатәи иажәеинраалақәа реизга иагәылан ("Ахҿа", 1979). Амҳаџьырра атема аханатә аҭыԥ дуӡӡа ааннакылон илирикаҿы, иԥсҭазаареи ирҿиареи ирысакьаҳәымҭахаз апоема "Семра" акәзаргьы, шықәсырацәала дамырҭынчуа игәы иҭыхоз акәын.
Иҟалалоит убас, ажәагьы ашәагьы иалкаау дара раамҭа ааиуеит. Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа "Сашьцәа" ҳәа гәхьаагарала иҭәны, лыбжьы гәырԥшаагаха иналыгӡаз ашәа ҳаибашьраан уазашәаны игон, зыԥсадгьыл азы иҭахаз зегь рыхьӡала. Ианаалагәышьеит, избанзар ҳҭоурых уи аԥхьагьы шәышықәсала шьаркәасҭа мҩала иҭгоуп.
Убас, аибашьраан ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба агитара ианҵаны иҳәон, ажәларгьы иаразнак ишьҭырхит "Аԥсаратәи абаашқәа" — аригьы заа иаԥҵаз жәеинраалоуп, ҭоурыхла Анаҟәаԥиа (Аԥсара ашьха) имҩаԥысуаз аидыслара дуқәа ирызкуп. Аха ажәақәа рымч, рпафос ҳаракы, аамҭак иузҭамгӡо рҵакы еиҭамс иабзоураны, игәышьҭыхганы зегь раасҭа ианаҭахыз ҩаԥхьа игеит. Ахаҵарашәа-аергьашәа.
...Иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу ҳауаажәлар, Аԥсны атәылауаҩра змоу, абжьыҭара алшара рымам ҳәа ҳаҳаит. Избан, изхароу ҳаздырӡом, аха ишакәхалак, игха дуны иҟалеит ҳәа ҳахәаԥшуеит. Ҳашьцәа ргәыӷра даҽа гәыӷрак анацлаша, ҽнак шыбжьаз гәыӷра лашак рымхуп — Аԥсны ахада дырзалхӡом, ршьамдгьыл алахьынҵа аӡбара иалхәдаауп. Иахьыҟоу хароуп, харацәоуп...
СЫДГЬЫЛ АԤСЫНТӘЫЛА
Сыдгьыл Аԥсынтәыла,
Сыдгьыл — Анцәа рҭыԥ,
Сзызгәырҩо митәыла,
Иагьсызҭало насыԥ.
Сабацәа иузгәаҟуаз
Рыбаҩқәа змадоу,
Ахысыбжьқәа идырдагәоз,
Зҭоурых ду хьанҭоу.
Сыдгьыл сылашара,
Сынасыԥ зыхьчаз,
Уа мшын нырцә зыхшара
Рыбжаҩык зцәынхаз.
Ҩашьарак зызрықәым:
Инаԥҳа ихыԥша,
Гәеиҵамха Сасрыҟәа,
Ҳаџьараҭ илша.
Саҭанеи лнышәнап,
Жана иԥхьарца,
Уи Нарџьхьоу игәыжәла,
Абрыскьыл ихца!
Сыдгьыл сызкәыхшаша,
Са сразҟы еиқәзырхаз.
Сара сымшқәа рашәа,
Ашәышықәсқәа руаз.
Зны сгәыхәтәы сахьӡозар,
Уара узы сахьӡааит!
Иаалырҟьан сыԥсуазар,
Уара уҿы сыԥсааит!
Ҽааныбзиала сҳәозар,
Уара узы исҳәааит.
1981
Аԥсны Жәлар рпоет, апатриот Рушьбеи Смыр диижьҭеи иахьа 75 шықәса ҵуеит.#алирика
?Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи азалқәа руак амҳаџьыраа ирызкуп. Азал аекспозициа иаанарԥшуеит Кавказтәи аибашьра ашьҭахь мчыла Османтәи аимпериахь иахыргаз аԥсуаа рҭоурых.
Азал агәҭаны игылоуп Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Амҳаџьыраа ргарашәа", амотив шьаҭас измоу аскульптура.
Абраҟа иара убасгьы иубар алшоит 1992-1993 шықәсқәа рзы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчаразы Аԥсныҟа ихынҳәыз амҳаџьырцәа руасиаҭ аоригинал, аҳәаанырцә инхо иналукааша ҳџьынџьуаа рфотосахьақәа, амҳаџьырцәа рыҩнымаҭәа уҳәа убас егьырҭгьы.
"Араҟа икыду рызегьы ахьааи, алаӷырӡи, агәыхьи зцу роуп", — ҳәа азгәалҭеит амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Ахьыуардын — Sputnik Аԥсны ананыра иҵагылоуп, уоуп иахьыруасҭаз. Уахгьы-ҽынгьы еиԥҟьарада аус зуа жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны. Сынтәа 10-шықәса ахыҵит. Жәашықәса раахыс — зыгәра гоу ажәабжьқәа, хра злоу аиҿцәажәарақәа, игәылҭәаау астатиақәа, ауаа рҿахәы, рлакҭа. Жәашықәса раахыс аԥышәеизгара, аҽырҭбаара, аизҳара, аиӷьхарахь ахырхарҭа иацәхьамҵкәа.
Иахьа ҳаԥхьаҩцәеи ҳколлегацәеи рҟынтә адныҳәаларақәеи ажәа ҟәандақәеи шьардаӡа геит. Аха аешьа еиҵыбгьы ажәак идырҳәоит. Аҩызцәа шәхаҵкы, ахьӡ ишәырҳаз аныҟәгара шәаԥхамзааит! Ажәабжь бзиақәа зцу аамҭа бзиа шәыхьӡалааит! Даҽа жәашықәса рнаҩсгьы абысҭа пашәӡа иԥхаҵәы-ԥхаҵәуа ашә сақәа агәылаӡҭуа ари амш шәаԥыло. Ҽаанбзиала! ?
Зегь шалагоз згәалашәо иреиуоуп Инал Лазбеи Бадраҟ Аҩӡбеи, рыҿцәажәара шәазыӡырҩыр, шәагьахәаԥшыр шәылшоит абра>>
$WEB3 — utility-токен экосистемы TON DNS Club на блокчейне TON
? Сайт: web3ton.io
? Сообщество: @web3jetton
? Маркетинг: @ego_identity
Last updated 1 month, 2 weeks ago
Профиль учун чиройли обойлар,видеолар,статуслар,чиройли расмлар,жума ва байрам табриклари
Админ @ZamzamaS
Last updated 1 month, 3 weeks ago
ЎЗБЕГОЙИМ ОРИГИНАЛ канали №1
Аввал БИЗДА кейин бошқаларда
Реклама учун
Ўзбегойим ? @D_Uzbegoyim
Last updated 1 month, 4 weeks ago